Print this page
20.Ԥхынҷкәын.2024

Ада Кәарҷелиа араионтә аҵара аҟәшақәа рнапхгаҩцәа ркамандақәа ашколхәыҷқәа рыспартакиада аҿы аиааиразы ахраҿақәа раналшьеит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 20, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аҵара Аминистрра аҿы аҳҭнықалақь аҿы лаҵарамза инаркны рашәарамза аҟынӡа имҩаԥысуаз ХVII Ареспубликатә ашколхәыҷқәа рыспартакиада аҿы аиааира агаразы ахраҿақәа ранашьара ацеремониа мҩаԥысит.

Аиааирақәа згаз акомандақәа рыхьӡара иааит араионтә аҵара аҟәшақәа рнапхгаҩцәа: (Гәдоуҭа араион Ахадара аҵара аҟәша аиҳабы  Адамыр Ҳаразиа, (Гагра араион Ахадара аҵара аҟәша аиҳабы Мадина Ажьиба, Аҟәа ақалақь Ахадара аҵара Аусбарҭа абҩарҵәыратә зыҟаҵара азы аспециалист хада Татиана Емухвари). Аиааирагаратә храҿақәеи аҳаҭыртә шәҟәқәеи ранашьара мҩаԥылгеит аҵара аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ Ада Кәарҷелиа.

Актәи аҭыԥ ааннакылеит Аҟәа араион акоманда (440 кәатала), аҩбатәи аҭыԥ – Гагра араион акоманда (412 кәатала), ахԥатәи – Гәдоуҭа араион акоманда (378 кәатала).


Read 267 times