Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 19, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра Апарламент аҿы ахысраҿы игәҩароу Адгәыр Ҳаразиа иԥшаареи иаанкылареи рзы аоператив-ԥшааратә усмҩаԥгатәқәа мҩаԥысуеит. Аанкылара-апланамҩаԥгара рылаҳәоуп, ҳәа адырра ҟанаҵоит атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.
Амҩаду «Ԥсоу-Егры» аҿы иҟоу аԥыԥшырҭақәа рӷәӷәоуп, иара убас аҳәынҭқарратә ҳәаақәа рзонақәа рҿы ҷыдала ахылаԥшра мҩаԥысуеит. Аоперативтә усмҩаԥгатәқәа ирылахуп Аҟәа ақалақь аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа, Гәылрыԥшь араион аҩныҵҟатәи аусқәа Рыҟәша, Ахылаԥшырҭа аппарат хада амчратә ҟәшеиҵақәа русзуҩцәа.