Print this page
20.Ԥхынҷкәын.2024

Бадра Гәынба Аԥсны жәлар рартистка Софа Агәмаа-ҧҳа лиубилеи лыдиныҳәалеит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 20, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа назыгӡо Бадра Гуәынба Аԥсны жәлар рартистка Софа Агәмаа-ԥҳа лиубилеи лыдиныҳәалеит.

 

Адныҳәалараҿы, ахәҭакахьала иаҳәоит:

 

Ҳаҭыр зқәу Софа Хынтрыгә-иԥҳа!

Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит шәиубилеи. Шәара шәыԥсҭазаара азышәкит Аԥсуа милаҭтә театртә ҟазара. Акыр шықәса ирылагӡаны С. Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр асценаҿы иаашәырԥшуаз ахаҿқәа ахәаԥшцәа ргәалашәараҿы иаанхоит. Аҟазара амҩа шәананыла инаркны иахьа уажәраанӡа ишәыцуп жәлар рыбзиабара.

Ирацәоуп ишәылшәыршаз аҟыбаҩ змоу аҿар реиҵааӡараҿы, иахьагьы шәылаԥш рхыуп, асцена агәыбылра рылашәааӡоит.

Ҳаҭыр зқәу Софа Хынтрыгә-иԥҳа, ишәзеиҕьасшьоит агәабзиара, аманшәалара. Шәагымзааит аԥсуа сцена, шәагымзааит Аҧсынра.

Ҳаҭырла,

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада

инапынҵақәа назыгӡо Б. З. Гәынба


Read 333 times