Print this page
18.Ԥхынҷкәын.2024

Алада Ешыра ақыҭан аус зуаз амаининг-ферма рыԥшааит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 18, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҟәа араион аҩныҵҟатәи аусқәа Рыҟәша аусзуҩцәеи Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура араионтә ҟәша аусзуҩцәеи Алада Ешыра ақыҭан ирыԥшааит аус зуаз амаининг-ферма, ҳәа адырра ҟанаҵоит атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.

Езыгәбаиа имҩа ала игылоу аҩны №4 аҿы ирыԥшааит акриптовалиута арҳара иазку ԥшь-аппаратки 19 цыра авидеохсаалага зҽакыз ашьақәыргылагақәеи. Ишышьақәыргылахаз ала, урҭ зегьы зтәыз Анри Аҩӡба иоуп.   Аиқәыршәагақәа зегьы аҿыхны аамҭалатәи ашьҭаҵарҭа ахь инаргеит.


Read 309 times