Print this page
09.Ԥхынҷкәын.2024

Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба: «Ҳреспублика ахәышәтәырҭақәа рпациентцәа аенергетикатә усхкы аҿы иҟоу ауадаҩрақәа шырацәоугьы ирыхәҭоу амедицинатә цхыраара нагӡаны ироулоит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 9, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр инапынҵақәа назыгӡо Едуард Быҭәба ахылаԥшырҭа аколлектив алархәны инарҭбаау аусуратә еилатәара мҩаԥигеит.

Аминистрра аусбарҭақәа рнапхгаҩцәа аҭыԥқәа рҿы аусура шымҩаԥысуа азы адырра ҟарҵеит. Урҭ атәыла ахәышәтәра-профилактикатә усбарҭақәа хәшәыла реиқәыршәареи рфинансыркреи аганахьала уадаҩрақәак ыҟоуп ҳәа иазгәарҭеит. Иарбоу ауадаҩрақәа рыӡбаразы Аминистрра ала активла аусура мҩаԥысуеит. 

Едуард Быҭәба хазы ахшыҩзышьҭра аиҭеит амедицинатә усбарҭақәа афымцамч ала реиқәыршәара азҵаара. Аенергетика аусхкы аҿы ауадаҩрақәа шыҟоугьы агәабзиарахьчара Аминистрра абжьааԥнытәи арежим ала аус ауеит. 

Аԥаратә хархәагақәа рҭалареи афинансқәа Рминистрреи агәабзиарахьчара Аминистрреи реиқәшаҳаҭрақәа инақәыршәаны, етап-етапла атәылауаа ареспублика ахәышәтәырҭақәа рҿы еиԥш Урыстәылатәи Афедерациа ахәышәтәырҭақәа рҿы рыхәшәтәра афинансыркра мҩаԥысуеит.

Агәабзиарахьчара аминистр аусзуҩцәа ирабжьигеит ишьақәгылаз аҭагылазаашьа аҿы русура ҷыдала ахшыҩзышьҭрала иазнеиларц.


Read 71 times