Print this page
10.Ԥхынҷкәын.2024

Денис Гәылариа: ԥхынҷкәынмзазы атәанчахәқәа зегьы ианаамҭоу ршәара алыршахоит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 10, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Атәанчаҩратә Фонд ахантәаҩы Денис Гәылариа атәыла аԥыза-министр инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба диԥыло, ԥхынҷкәынмзазы атәанчахәқәа зегьы ианаамҭоу ршәара алыршахоит ҳәа адырра ҟаиҵеит.

«Ҳтәанчаҩцәа рҿаԥхьа ҳаԥхықәрақәа зегьы хымԥада инаҳагӡоит, еиҵахара ҟалаӡом», - ҳәа иҳәеит Денис Гәылариа. 

Иара иазгәеиҭеит афинансыркра иааиуа амчыбжь инаркны ишалаго.

«Ԥхынҷкәынмза 18  рзы ауаа руалафахәы роуа иалагоит», - ҳәа иҳәеит Денис Гәылариа.    


Read 179 times