Print this page
22.Цәыббра.2022

АГӘАБЗИАРАХЬАРА АМИНИСТР ЕДУАРД БЫҬӘБА АКУЛЬТУРАТӘ ГӘЫҲАЛАЛРАТӘ ФОНД «АШАНА» ИАИҬО АЦХЫРААРА АЗЫ ИҬАБУП ҲӘА ИАРҲӘЕИТ.

Аҟәа. Цәыббрамза 22, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Акультуратә гәыҳалалратә Фонд «Ашана» адиректор Мактина Џьынџьал Едуард Быҭәба  амедицинатә акциа «Згәы бзиоу абиԥара» еиҭаз адгылара азы аџьшьаратә шәҟәы ианалшьеит.

Апроект ахықәкы хаданы иҟан амедицинатә цхыраара аиура армариара  ала атәылауаа ргәабзиара аиӷьтәра адгылара аҭара, зцәа зтәым аҳәса рхылаԥшреи ареспублика ауааԥсыра ироуа амедицинатә цхыраара ахаҭабзиара ашьҭыхреи, иара убас ауааԥсыра  амедицинатә усзуҩцәа рҭаара акультура аизырҳара.

Едуард Быҭәба афонд имҩаԥнаго аусура азы иҭабуп ҳәа иҳәеит, уи  атәыла ауааԥсыра ргәабзиара ацклаԥшра аганахьала аус зуа агәыҳалалратә еиҿкаарақәа зегьы адгылара рыҭара есымша дшазхиоу азгәеиҭеит.


Read 388 times - Ахәаша, 23 Цәыббра 2022 19:08