Print this page
22.Цәыббра.2022

АҼЫКӘАБАРАТӘ СЕЗОН ХЫРКӘШАХОИТ ЖЬҬААРАМЗА 1 АЗЫ.

Аҟәа. Цәыббрамза 22, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра иатәу шәагаала имаҷу аӷбақәа рзы аҳәынҭқарратә Инспекциа, аекологиа азы аҳәынҭқарратә аҳәынҭқарратә Еилакы аҟны  аконсудьтациақәа рымҩаԥгара ашьҭахь,  аҽыкәабаратә сезон аофициалла ахыркәашара азы арыцхә шьақәнаргылеит.

Жьҭаарамза 1, 2022 шықәса инаркны ареспублика иахьаҵанакуа иҟоу аплиажқәа зегьы аркхоит. Убри инамаданы ауаажәларратә ӡҭаларҭақәа рыҟны аӡҳәаарбагақәа ықәгахоит, аиқәырхагатә пунктқәагьы аркхоит.   


Read 416 times - Ахәаша, 23 Цәыббра 2022 18:49