Print this page
25.Абҵара.2024

Нестор Цужба аԥкьаҭмпыл азы атурнир «Амурский утес» аҿы ахьи аџьази раиура иҽаԥсаитәит.

Аҟәа. Абҵарамза 25, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Нестор Цужба аԥкьаҭмпыл азы атурнир «Амурский утес» аҿы 13 шықәса зхыҵуа арԥарцәа рыбжьара еихацалаку аҟазараҩаӡара аҿы аиааира игеит, изаҵәу аҟазараҩаӡараҿы аџьазтә медал игеит.

Аицлабрақәа мҩаԥысуан абҵарамза  16 – 23 рзы Хабаровск ақалақь аҿы.

Нестор Цужба апкьаҭмпыл азы Аԥсны зҽаԥсазтәыз аспорт азҟаза Елизабет Акәыциа лҿы иҽазыҟаиҵоит.

 


Read 80 times