Print this page
27.Абҵара.2024

Иаԥҵоуп иҿыцу Ареспубликатә ауаажәларратә Еиҿкаара «Ажәлар рымч».

Аҟәа. Абҵарамза 27, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ареспубликатә ауаажәларратә Еиҿкаара «Ажәлар рымч» аԥаҵара иазкын абҵарамза 27 рзы имҩаԥысыз аԥҵаратә еизара.

Аизара алахәылацәа Аиҿкаара Аԥҟаԥҵәа шьақәдырӷәӷәеит, уи анапхгаҩгьы далырхит. Аиҿкаара анапхгаҩыс дылырхит Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба.

Аиҿкаара аԥҵара ахықәкы хаданы иҟоуп Аԥсны атәылауаа рпотенциал ашьҭыхра, егьырҭ аҳәынҭқаррақәа ртәылауаа аиҩызареи аусеицуреи рыбжьаҵара, иара убас аҳәынҭқарратә шьақәгылара арӷәӷәареи амилаҭтә акзаара алыршареи иазырхоу аԥшьгарақәеи аидеиақәеи адгылара рыҭара.


Read 166 times - Ахаша, 27 Абҵара 2024 19:13