Print this page
15.Абҵара.2024

Аслан Бжьаниа: Сара Аԥсны сыҟоуп, апровокациақәа шәыҽрышәымҭан, ҳара аринахысгьы аџьабаа ҳбалоит арҭ ахҭысқәа рылҵшәақәа раԥыхразы.

Аҟәа. Абҵарамза 15, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа инапынҵақәа рышьҭаҵара мап ацәикит. Аслан Бжьаниа идгылаҩцәа рахь ихы рханы Аԥсны анапхгара аринахысгьы русура шынарыгӡо азы ааԥхьара ҟаиҵеит. «Иахьа имҩаԥысыз ахҭысқәа ҳреспублика ҩаԥхьа даара иуадаҩу апроблемақәа азцәырнагеит.

Аԥсны Анапхгара, Аҳәынҭқарра Ахада, Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ, атәыла аԥыза-министр, атәыла Анапхгара алахәылацәа, зегьы рҭыԥқәа рҿы иҟоуп,  урҭ аринахысгьы русура нарыгӡалоит.  Убри аҟнытә аҳәара ҟасҵоит, апровокациақәа шәыҽрышәымҭан. Сара Аԥсны сыҟоуп, ҳара аринахысгьы аџьабаа ҳбалоит арҭ ахҭысқәа рылҵшәақәа раԥыхразы. Иҭабуп ҳәа шәасҳәоит зегьы, апагонқәа ныҟәызгогьы уахь иналаҵаны, исышәҭо адгылара азы», – ҳәа иҳәеит Аслан Бжьаниа.  

 


Read 216 times - Асабша, 16 Абҵара 2024 21:18