Print this page
13.Абҵара.2024

9-ҩык аҟәатәи асамбистцәа В.А. Кувичко игәалашәара иазкны имҩаԥгаз атурнир аҿы аиааирақәа ргеит.

Аҟәа. Абҵарамза  13, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа, С.У.Багаԥшь ихьӡ зху аспоррт Ахан аҿы имҩаԥысит Аԥсны зҽаԥсазтәыз азыҟаҵаҩ В.А.Кувичко игәалашәара иазку арԥарцәеи аҭыԥҳацәеи рыбжьара самбо азы иаарту ареспубликатә турнир.

Аицлабрақәа рхы аладырхәит Аԥсны ақалақьқәеи араионқәеи зегьы рҟынтәи 97 - ҩык аспортсменцәа.

Аҟәа ақалақь ахьӡала иқәгылеит аҳҭнықалақь Ахадара аҿари аспорти русқәа рзы Аусбарҭа самбо асекциа ааӡамҭацәа. Аҟәатәи акоманда иранашьахеит араӡны ԥхьахәқәа 6, аџьазтә ԥхьахәқәа 3.

Актәи аҭыԥқәа ааныркылеит Џьынџьал Сандро, Ҷкадуа Нестор, Григориан Леуан, Мадоиан Гранд, Амҷба Ерасҭ, Фулопуло Константин, Чагәаа Нестор, Гандилиан Леон.

Аҩбатәи аҭыԥқәа ааныркылеит Акәыциа Саид, Мкртчиан Михаил, Узуниан Андреи, Кожокарь Леуан, Хуснутдинов Даниель, Гицериӡе Николь.

Ахԥатәи аҭыԥқәа ааныркылеит Хуснутдинова Алеқсандра, Крбашьиан Даниель, Мадоиан Артиом.

Амҷба Ераст «Аиааиразы агәазҭазаара» ҳәа аԥхьахә ианашьахеит, Григориан Левон – «Иреиӷьу атехника» азы аԥхьахә иоуит.

Акоманда азыҟаҵаҩцәа реилазаара  – Погосов Андреи, Гандилиан Оганес, Арсҭаа Беслан, Акәыциа Виктор, Адлеиба Саид.

 


Read 196 times - Ахаша, 13 Абҵара 2024 15:14