Print this page
08.Абҵара.2024

Акоманда «Спартак» амҵәышәмпыласыҩцәа Алада Урыстәыла Аокруги Нхыҵ-Кавказтәи Аокруги рчемпионат рхы аладырхәуеит.

Аҟәа. Абҵарамза 8, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәатәи амҵәышәмпылтә команда «Спартак» аспортсменкацәа Краснодартәи атәылаҿацә еизгоу акоманда ахь ааԥхьара роуит.

Аспортсменкацәа еизгоу акоманда аилазаараҿы, аҳәса ркомандақәа рыбжьара амҵәышәмпыл азы арегионалбжьаратәи аицлабрақәа аҳәаақәа ирҭагӡаны,  Алада Урыстәыла Аокруги Нхыҵ-Кавказтәи Аокруги рчемпионат рхы аладырхәуеит.

Еизгоу акоманда аилазаара иалалеит: Ирена Ӡиӡариа, Анна Гәынба, Мариа Миканба, Дарина Качараа, Диана Лабжаниа, Камилла Занҭариа, Валентина Стрельникова. Краснодартәи атәылаҿацә еизгоу акоманда аҩбатәи азыҟаҵаҩс дықәгылоит аспортсменцәа разыҟаҵаҩ Николаи Гушьин.


Read 266 times