Print this page
30.Жьҭаара.2024

Акцизатә дыргақәа рыхәԥса рыԥсахит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 30, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аминистрцәа Реилзаара аҿы ԥхынҷкәынмза 28, 2016 шықәсазы ирыдыркылахьаз «Аҭаҭын аалыҵи иџьбароу арыжәтәи рзы 2016 шықәсазтәи ахкы  азы акцизатә дыргақәа ралагаларазы» Ақәҵара   №234 аиҭакрақәа ралагалара азы аӡбамҭа рыдыркылеит.  

Иалагалахо аҭаҭын аалыҵи иџьбароу арыжәтәи рзы акцизатә дыргақәа рыҟаҵара ахәԥса ахьышьҭыҵыз инамаданы, аминистрцәа Реилазаара ишьақәнарӷәӷәеит: 

– Иалагалахо иџьбароу арыжәтә азы 2016 шықәсазтәи ахкы ахала иҷабуа акцизатә дырга (90x26 мм.)  шьҭарнахыс ирклоит 1,45 мааҭ, аофсеҭтә шьаҭала иҟаҵоу акцизтә дырга (90x26,5 мм)   – 1,15 мааҭ;

– иалагалахо аҭаҭын аалыҵ азы 2016 шықәсазтәи ахала иҷабуа акцизтә дырга (63x21 мм.), иара убас аофсеҭтә шьаҭала иҟаҵоу акцизтә дырга  (44x20 мм.) –  1,15 мааҭ.

Иазгәаҭатәу, акцизатә дыргақәа рыхәԥса аа-шықәса ԥахрада иҟан.

Ақәҵара азинмчы аиуеит абҵарамза 1, 2024 шықәса.  


Read 180 times - Ахаша, 30 Жьҭаара 2024 23:53