Print this page
30.Жьҭаара.2024

Аҭәмаа Џьони Аҳәынҭқарратә Хьчара Амаҵзура аиҳабы актәи ихаҭыԥуаҩыс дҟаҵоуп.

Аҟәа. Жьҭаарамза 30, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны  Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Иусԥҟала аиҵаполковник Аҭәмаа Џьони Гарри-иԥа Аԥсны Аҳәынҭқарра Ашәарҭадара Амаҵзура Иҷыдоу ахықәкы азы ацентр аиҳабы имаҵзураҟнытә ихы дақәиҭтәуп даҽа маҵзурак аҟны иаҭара инамаданы.

Аҳәынҭқарра Ахада егьи Иусԥҟала Аҭәмаа Џьони Гарри-иԥа Аҳәынҭқарратә Хьчара Амаҵзура аиҳабы актәи ихаҭыԥуаҩыс дҟаҵоуп.

 

 


Read 514 times