Print this page
30.Жьҭаара.2024

Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа аполитикатә репрессиақәа ирылаӡыз ргәалашәара иазкыз аусмҩаԥгатә далахәын.

Аҟәа. Жьҭаарамза 30, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Есышықәса, жьҭаарамза 30 рзы Аԥсны аполитикатә репрессиақәа ирылаӡыз ргәалашәара Амш азгәарҭоит. Абри аҽны атәыла ауааԥсыра атрагедиатә хҭысқәеи харада ибжьадырӡыз ауааи ҳаҭырла иргәаладыршәоит.

Ашәтәшьаҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа мҩаԥысит Жәлар Реизара-Апарламент аҿаԥхьа иҟоу Сариа Лакоба лыхьӡ зху апарк аҿы.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа иахьа Аҟәа имҩаԥысыз аполитикатә репрессиақәа ирылаӡыз рбаҟа амҵан ашәҭшьҭаҵара аусмҩаԥгатә далахәын.

Ацеремониа иара убас рхы аладырхәит  Аиҳабыра алахәылацәа, Апарламент адепутатцәа, арепрессиа ззыруыз рҭынхацәа.

Ҳара ахаангьы иаҳхамышҭыруп  иҳаҩсыз ашәышықәса, 30-тәи - 40-тәи ашықәсқәа рзы иҟалаз атрагедиа, ҳәа иҳәеит Аԥсны Афырхаҵа, Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Фазлыбеи Аҩӡба.  

«1937-1938-тәи ашықәсқәа рзы аԥснытәи аинтеллигенциа. Аҵарауаа, иналукааша аполитикатәии аҳәынҭқарратәи аусзуҩцәа харада ахара рыдҵаны абахҭақәа иҭаркуан, хабарда ибжьадырӡуан, иреихсны иршьуан», - ҳәа иҳәеит Фазлыбеи Аҩӡба. «Ҳара ахаангьы иаҳхамышҭыруп  Сталини Бериеи еиҵарҟәаҟәаз арепрессиақәа ирылаӡыз, еиҵагыло абиԥарақәа ирызнагалатәуп ари аамҭа хьанҭа аҭоурых», - ҳәа иҳәеит иара.

Аԥсны ХХ ашәышықәса  30 – 40-тәи ашықәсқәа рзы иҟаз аполитикатә репрессиақаа быжь нызықь-ҩык инареиҳаны ирылаӡит. 

 


Read 172 times