Print this page
20.Цәыббра.2022

АСЛАН БЖЬАНИА АЛАН ГАГЛОЕВ ААХЫҴ-УАԤСТӘЫЛАТӘИ АСОВЕТТӘ ДЕМОКРАТИАТӘ РЕСПУБЛИКА АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ СУВЕРЕНИТЕТ АЗЫ АДЕКЛАРАЦИА АДКЫЛАРА АМШ ИДИНЫҲӘАЛЕИТ.

Аҟәа. Цәыббрамза 20, 2022 шықәса. Аԥныпресс.  Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Алан Гаглоев Аахыҵ-Уаԥстәылатәи Асоветтә Демократиатә Республика аҳәынҭқарратә суверенитет азы Адекларациа адкылара амш идиныҳәалеит.

Адныҳәаларатә шәҟәы аҿы ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:

Ҳаҭыр зқәу Алан Едуард-иԥа,

Ҳаҭырқәҵарала сшышәзыҟоу азгәаҭаны, Аахыҵ- Уаԥстәыла Ареспублика ажәлар зегьы нашәыдкыланы, гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит Аахыҵ-Уаԥстәылатәи Асоветтә Демократиатә Республика аҳәынҭқарратә суверенитет азы Адекларациа адкылара ҟалеижьҭеи 32 шықәса аҵра.

1990 шықәса цәыббрамза 20 аҳәынҭқарра аҭоурых аҟны акырӡа зҵазкуа рыцхәуп, ажәлар рфырхаҵареи ракреи символра рзыруеит.

Аахыҵ Уаԥстәыла ажәлар аԥышәара дуқәа ирхысны, ры-ԥсадгьыл ақырҭуа қәылаҩ ицәыхьчара рылшеит.

Иахьа Аахыҵ Уаԥстәыла Ареспублика Амш азгәаҭо, ҳаҭырла иаҳгәалаҳаршәоит ахақәиҭреи ахьыԥшымреи зхы ақәызҵаз зегьы. Аахыҵ Уаԥстәыла шьаҿа ӷәӷәала аҳәынҭқарратәра арӷәӷәара, асоциал-економикатә ҿиара амҩала инеиуеит, аиҷаҳаарала еиқәырханы иаанагоит ибеиоу акультуреи атрадициақәеи.

Ҳара ҳҳәынҭқаррақәа аишьаратә еизыҟазаашьақәа рыбжьоуп, агәрагьы згоит Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи реимадарақәа ҳажәларқәа реизҳазыӷьара ахьӡала есааира реихаҳара шалыршахо.

Ҳаҭыр зқәу Алан Едуард-иԥа, ари аныҳәамш аҽны Шәаргьы фырхаҵара згым Аахыҵ Уаԥстәыла ажәларгьы ишәзеиӷьасшьоит аҭынчра, ахирра, аизҳазыӷьара.

 

 


Read 589 times - Ахаша, 21 Цәыббра 2022 20:32