Print this page
22.Жьҭаара.2024

Атуристтә дәыӷба «Риҵа» Аҟәаҟа иааит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 22, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Атуристтә дәыӷба «Риҵа» ашьыжь шаанӡа, жьҭаараза 22 рзы Аҟәатәи авокзал ахь инеит. Асасцәа ирԥылеит амилаҭтә кәашарақәеи ачеиџыкеи рыла.  

Адәыӷба иацуп ҳаамҭа иақәшәо 19 вагон, аресторан-вагони, аҽыкәабарҭа вагони уахь иналаҵаны. Иара убас апассаџьырцәа ргәы иаамыхәар залымшеит араҟа иҟоу асауна зцу СПА-вагонгьы. Апассаџьырцәа рхыԥхьаӡара – 150-ҩык рҟынӡа инаӡоит.

Атуристтә дәыӷба Москва – Новороссиск – Ростов-на-Дону – Шәача –  Гагра – Аҟәа амаршрут ала жьҭаараза  18 рзы амҩа иқәлеит.

Аԥсны аексурсиатә программа иалоуп аӡиа Риҵа ахь ацара, Сталин идача аҭаара,  Аҟәа,  Афон Ҿыц ақалақьқәа рахь аекскурсиақәа рымҩаԥгара. Апассаџьырцәа ирыцуп атуристтә фирма «Аԥсуа тур» аескурсиамҩаԥгаҩцәа.


Read 170 times