Print this page
23.Жьҭаара.2024

Ҭамаз Кьецбеи Геннади Кожухари Ауаажәларратә Палата алахәылацәас иалхуп.

Аҟәа. Жьҭаарамза 23, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Жьҭаарамза 23 рзы Ауаажәларратә Палата аҿы имҩаԥысит апленартә еилатәара. Араҟа «Ареспублика Аԥсны Ауаажәларатә Палата азы» Ареспублика Аԥсны Азакәан инақәыршәаны, иваканттәу аҭыԥқәа рхарҭәааразы аконурстә лыԥшаара апроцедура ала имаӡоу ареитингтә бжьыҭирала  Ауаажәларратә Палата аилазаарахь иалххеит:

– Ҭамаз Кьецба, Аҟәа араионтә Еизара ала зыдгалара мҩаԥгаз;

– Геннади Кожухарь, «Аурыс аидгьылуаа реиҿаарақәа Ркоординациатә Еидгылара» ала зыдгалара мҩаԥгаз.


Read 314 times