Print this page
10.Жьҭаара.2024

Афымцадәыӷба «Ласточка» Аҟәаҟа аҩбатәи аԥышәаратә реис нанагӡеит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 10, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Атуристтә фымцадәыӷба  «Ласточка» 2024 шықәсазы Аҟәаҟа аҩбатәи аԥышәаратә реис нанагӡеит.

Мшаԥымзазы адәыӷба  аԥышәаратә режим ала Аҟәаҟа аихамҩатә инфраструктура аҭагылазаашьа агәаҭаразы иааит.

Адәыӷба «Ласточка» Аҟәаҟа еиԥырҟьам апассаџьыртә реисқәа алагоит иааиуа ашықәс инаркны, ҳәа адырра ҟанаҵоит «Аԥсны Аихамҩа» апресс-маҵзура аҿы.

Рашәарамза, 2023 шықәса инаркны афымцадәыӷба «Ласточка» Шәачеи Гагреи ирыбжьоуп.


Read 256 times