Print this page
19.Цәыббра.2022

АҲӘЫНҬҚАРРА АХАДА АԤСНЫ ИҞОУ УРЫСТӘЫЛАТӘИ АФЕДЕРАЦИА АХӘААХӘҬРАТӘ ХАҬАРНАК ДИДИКЫЛЕИТ.

Аҟәа. Цәыббрамза 19, 2022шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа ахәаахәҭратә хаҭарнак Залина Кобесова дидикылеит.

Ҳазҭоу ашықәс цәыббрамза 1 азы змаҵура анагӡара иалагаз Залина Кобесова аԥсшәа лаҳәо, аҳәынҭқарра Ахада иҳәеит лыҵшәа змоу аусура дшазыԥшу.

«Агәра згоит аекономикатә хырхарҭақәа рыла ҳусеицура акырӡа ишеиӷьхо.  Ҳаизыҟазаашьақәа рырҿиараҿы адгылара ҟаҳҵалоит», - иаҵшьны иҳәеит Аслан Бжьаниа.

Залина Кобесова Ахада иҭабуп ҳәа иалҳәеит аиԥыларазы. «Иҭабуп ҳәа шәасҳәарц сҭахуп хаҭала ҳаибадырразы аамҭа ахьышәыԥшааз. Агәра ганы сыҟоуп ас хаҭалатәи аицәажәара аҭахуп ҳәа, насгьы Аԥсны анапхгара адгыларада ҳҿаԥхьа иқәгылоу азҵаарақәа рыӡбара уадаҩхоит. Сара Шәара сшәықәгәыӷуеит Аԥсны Аҳәынҭқарра анагӡаратә мчхара аусбарҭақәеи, аус зцызуа аилазаарақәеи, убри инамаданы абизнес еилазаарақәеи ҳареи ҳаиҿцаара ахәҭаҟны»,- иазгәалҭеит ахәаахәҭратә хаҭарнак.

Аслан Бжьаниеи Залина Кобесовеи ҩ-ганктәи аекономикатә еизыҟазаашьақәа рырҿиара азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит.

Аиԥылара далахәын Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы Џьансыхә Нанба.

 

 


Read 427 times - Аҩаша, 20 Цәыббра 2022 14:36