Print this page
17.Цәыббра.2022

АИААИРЕИ АХЬЫԤШЫМРЕИ РЫМШНЫҲӘА АЛАМҬАЛАЗЫ “МЫҚӘАШҬА” АДӘЫ АҾЫ ЖӘЛАР РНЫҲӘА АМҨАԤГАРА АЗЫ АҼАЗЫҞАҴАРАҚӘА МҨАԤЫСУЕИТ.

Аҟәа. Цәыббрамза 17, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымшныҳәа 29 - шықәса ахыҵра аламҭалазы, Очамчыра араион Мықә ақыҭан «Мықәашҭа» адәы аҿы ажәлар рныҳәа, аҽырыҩра, итрадициатәу аицлабрақәа, уҳәа рымҩаԥгара иазкны аҽазыҟаҵарақәа ирылагеит, ҳәа иаанацҳауеит Очамчыра араион Ахадара.

«Очамчыра араион ахада Беслан Бигәааи Ахадара аколлективи, ақыҭақәа рхадацәеи ақыҭауааи, иара убас араионтә усбарҭақәа рхаҭарнакцәеи иахьа Аԥсны абжьыуатәи ахәҭа ихадоу адәы аҿы аилыргаратә усмҩаԥгатә ахь ицәырҵит, - ҳәа иазгәаҭоуп аацҳамҭа аҿы.


Read 439 times - Асабша, 17 Цәыббра 2022 15:25