Print this page
01.Цәыббра.2024

Имҩаԥысит Аслан Бжьаниеи Нхыҵ-Уаԥстәыла - Аланиа Ахада Сергеи Мениалои ҭелла реицәажәара.

Аҟәа. Цәыббрамза 1, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Имҩаԥысит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниеи Нхыҵ-Уаԥстәыла- Аланиа Ахада Сергеи Мениалои ҭелла реицәажәара, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.

Иахьа 20 шықәса  ҵит Урыстәыла аҭоурых ҿыц аҟны зеиԥш ҟамлацыз, ихлымӡааху ахҭыс -Беслантәи атрагедиа ҟалеижьҭеи.

Ауаԥс жәлар зегьы гәыла-ԥсыла дрыдгыло, Аслан Бжьаниа иазгәеиҭеит, егьа аамҭа царгьы Беслантәи атрагедиа хашҭшьа шақәым, цәгьаԥсышьала иҭархаз ауаа  ргәалашәара наунагӡа ҳгәаҵаҟны ишынхо.

«Аԥсны жәлар зегьы шәхьаа ду шәыцеиҩыршоит. Ҳара ҳхықәкы хада - уаҳа уи аҩыза ҟамларц азы ҳамчқәа еилаҵаны ҳаидгылара ауп», - ҳәа иҳәеит Аслан Бжьаниа. 


Read 211 times - Ашәахьа, 02 Цәыббра 2024 12:05