Амедицинатә наукақәа ркандидат, аҳақьым- офтальмолог Дмитри Чанчиков иажәақәа рыла, аблабара апроблемақәа змоу апациентцәа рыдкылара Гал ақалақь аҿы аҩашалеи ахәашалеи имҩаԥыслоит.
Аҟәа. Нанҳәамза 29, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Нанҳәамза 29 рзы Галтәи араионтә хәышәтәырҭа Хада аҿы Ареспублика Аԥсны ахьыԥшымра жәларбжьаратәи азхаҵара Амш 16-шықәса ахыҵра азгәаҭара иазкны абла амикрохирургиа Ацентр «Абла» еиҿнакааз агәыҳалалратә акциа алагеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Гал-медиа.
«Аҳақьымцәа рыдкылара ахь иааит хыԥхьаӡара рацәала Гал араион ауааԥсыра, аиҳарак урҭ зықәрахь инеихьоу ауаа, иара убас ахәыҷқәеи урҭ рҭаацәеи роуп», – ҳәа иазгәаҭоуп адырраҭара аҿы. Агәыҳалалратә акциа Гал араион Ахадареи араионтә хәышәтәырҭа Хадеи рыцхыраарала имҩаԥысуеит.
Амедицинатә наукақәа ркандидат, аҳақьым- офтальмолог Дмитри Чанчиков иажәақәа рыла, аблабара апроблемақәа змоу апациентцәа рыдкылара Гал ақалақь аҿы аҩашалеи ахәашалеи имҩаԥыслоит.