Print this page
14.Нанҳәа.2024

Сергеи Шамба Нхыҵ Уаԥстәыла-Аланиа Ареспублика амедал «Уаԥстәыла Ахьӡ-Аԥша азы» ианаршьеит.

Аҟәа. Нанҳәамза 14, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Нанҳәамза 14 рзы, Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа Рминимстрраҿы Нхыҵ Уаԥстәыла-Аланиа Ареспублика хатәгәаԥхарала Аԥсны еибашьуаз реидгыла ахантәаҩы Игор Кокоеви Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Шамбеи реиԥылара мҩаԥысит.  

Нхыҵ Уаԥстәыла-Аланиа Ареспублика хатәгәаԥхарала Аԥсны еибашьуаз реидгыла ахантәаҩы Игор Кокоев Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Шамба амедал "Уаԥстәыла ахьӡ-аԥша азы" инапаҿы ииркит ареспублика ахада Сергеи Мениаило ихьӡала.

Сергеи Шамба иҭабуп ҳәа ахиҳәааит Ареспублика аҳәынҭқарратә ҳамҭа ҳарак ахьианаршьаз, иазгәеиҭеит аиашьаратә республикақәа реизыҟазаашьақәа рырӷәӷәара шхымԥадатәиу.

«Ҳара ԥхьаҟагьы ҳажәларқәеи ҳреспубликақәеи рыбжьара аизыҟазаашьақәа ҳарҿиалароуп, иҳарӷәӷәалаоуп. Ҳтәылаз еиҳа иуадаҩӡаз аамҭақәа рзы Аԥсны иааины иҳавагылаз, хатәгәаԥхарала еибашьуаз иҭабуп ҳәа раҳҳәоит. Хашҭра рықәым Аԥсны ахақәиҭреи ахьыԥшымреи рзы зыԥсҭазаарақәа ирмеигӡаз" — ҳәа иҳәоит аминистр.

Аминистр Нхыҵ Уаԥстәыла-Аланиа Ареспублика иқәынхо ажәлар ирзеиӷьеишьеит аҭынчреи ашәҭыкакаҷреи.

 


Read 105 times - Аԥшьаша, 29 Нанҳәа 2024 23:26