Print this page
24.Нанҳәа.2024

13-ҩык зқьаф ҟаҵаз амашьынарныҟәцаҩцәа ааныркылеит Аԥснытәи амҩақәа рҿы.

Аҟәа. Нанҳәамза 24, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Нанҳәамза 23 рзы имҩаԥгаз ареидтә усмҩаԥгатәқәа рыла иаарԥшхеит  13-ҩык зқьаф ҟаҵаз амашьынарныҟәцаҩцәа, ҳәа адырра ҟанаҵоит атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.

Ҩыџьа амашьынарныҟәцаҩцәа анаркотикатә маҭәашьарқәа рыдкыланы иҟан, 11-ҩык – иџьбароу арыжәтә ыжәны. Хҩык амедицианатә гәаҭара ахысра мап ацәыркит.

Автоҳәынҭинспекциа аусзуҩцәа есыҽны ареспублика араионқәа зегьы рҿы автотранспорт арныҟәцаразы азин аршаҳаҭга змам ауаа, ижәны амашьына аԥсҟы зцу ахаҿқәа, иара убас амедицинатә гәаҭара ахысра мап ацәкрала зҭагылазаашьа амырзара зҽазызшәо амашьынарныҟәцаҩцәа раарԥшра иазкны иҷыдоу аусмҩаԥгатәқәа мҩаԥыргоит.

 

 


Read 114 times - Ахаша, 28 Нанҳәа 2024 20:50