Print this page
27.Нанҳәа.2024

Наур Гармелиа ифильм «Аҵыхәтәантәи ахәԥса» Жәларбжьаратәи акинофестиваль «Будем жить» аноминациа «иреиӷьу арежиссура» аҿы аиааира агеит.

Аҟәа. Нанҳәамза 27, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Зметраж нагӡоу арежиссиор Наур Гармелиа иҭихыз асахьаркыратә фильм «Аҵыхәтәантәи ахәԥса» XIII Москватәи Жәларбжьаратәи акинофестиваль «Будем жить» аноминациа «иреиӷьу арежиссура» аҿы аиааира агеит.

Зметраж нагӡоу асахьаркыратә фильм  аҿы иреиӷьу ахаҵа ироль азы аҳамҭа иоуит С.Ҷанба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә драматә театр актиор Рауль Ақаҩба Наур Гармелиа ифильм «Аҵыхәтәантәи ахәԥса» аҿы аусура азы.

Наур Гармелиа иара убас Wanta Group аҟынтәи иреиӷьу арежиссура азы аҳамҭа иоумит. Афестиваль Москва ақалақь  аҿы нанҳәамза  15 инаркны нанҳәамза 25 рҟынӡа имҩаԥысуан.

Афестиваль аҳәаақәа ирҭагӡаны ахәаԥшцәа идырбан адунеи атәылақәа 5 рҟынтәи 40 аконкурстәи  20 аконкурс иалахәымызи афильмқәа.    

 


Read 286 times - Ахаша, 28 Нанҳәа 2024 01:08