Print this page
22.Нанҳәа.2024

Аԥсны ахьыԥшымра жәларбжьаратәи азхаҵара аныҟалаз Амш 16-шықәса ахыҵра иазку аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа рыплан шьақәырӷәӷәоуп.

Аҟәа. Нанҳәамза 22, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Нанҳәамза 26 рзы Аԥсны иазгәарҭоит ареспублика ахьыԥшымра жәларбжьаратәи азхаҵара Амш.  

Асааҭ 10:00 рзы иалагоит  Аҟәа ақалақь, Ахьӡ –Аԥша апарк аҿы 1992 – 1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы иҭахаз афырхацәа Рмемориал амҵан ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа.  

Асааҭ 11:00 рзы – Аҟәа араион, Алада Ешыра ақыҭан, Аԥсны Актәи Ахада  Владислав Арӡынба Имемориал амҵан ашәҭқәа рышьҭаҵара ацеремониа  мҩаԥысуеит.

Асааҭ 12:30 рзы – Очамчыра араион Џьгьарда ақыҭан Аԥсны Аҩбатәи Ахада Сергеи Багаԥшь анышә дахьамадоу ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа мҩаԥысуеит.

Асааҭ 17:00 рзы – Аҟәа ақалақь, астадион «Динасо» аҿы Ареспублика Аԥсны ахьыԥшымра Жәларбжьаратәи азхаҵара Амш 16-шықәса ахыҵра иазку аныҳәатә концерт мҩаԥгахоит. Имҩаԥысуеит урыстәылатәи амузыкант, арепер, акомпозитор Баста иқәгылара.

Асааҭ  21:00  рзы – С.У.Багаԥшь ихьӡ зху аплошьад аҿы имҩаԥгахоит аԥснытәи аестрада артистцәа злаху аныҳәатә концерт.

Асааҭ 22:00  рзы – аныҳәатә салиут.


Read 263 times - Ахәаша, 23 Нанҳәа 2024 15:44