Print this page
16.Цәыббра.2022

НЕСТОР ЦУЖБА АТУРНИР «АԤКЬАҬМПЫЛ АЗЫ МОСКВАТӘИ АКАДЕМИА АХРАҾА -3».

Аҟәа. Цәыббрамза 16, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Нестор Цужба цәыббрамза 10 - 15 рзы Москва ақалақь аҿы имҩаԥысуаз атурнир «Аԥкьаҭмпыл азы Москватәи академиа Ахраҿа- 3» аҿы аиааира игеит. Абри азы адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҿари аспорти рзы аҳәынҭқарратә Еилакы асаит.

Нестор Цужба  9-10 шықәса зхыҵуа рықәратә категориа иаҵанакуа рыбжьара дықәгылон.  

Аспортсмен дазыҟаиҵоит Арзамеҭ Ҭарба ихьӡ зху Аԥкьаҭмпыл азы Аԥсны Ареспубликатә школ адиректор Елизабет Акәыциа.


Read 434 times - Ахәаша, 16 Цәыббра 2022 14:24