Print this page
20.Нанҳәа.2024

Алеқсандр Анқәаб Аԥсны иҟоу Урыстәыла АШәМ Аҳәаахьчаратә Маҵзура аҳәаахьчаратә хылаԥшра Адепартамент аиҳабыс иҟаҵоу Сергеи Шьедрин дидикылеит.

Аҟәа. Нанҳәамза 20, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны иҟоу Урыстәыла АШәМ Аҳәаахьчаратә Усбарҭа аҳәаахьчаратә хылаԥшра Адепартамент анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ, аинрал-леитенант Рафаель Даербаев Аԥсны аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб диирдырит Аԥсны иҟоу Урыстәыла Афедералтә шәарҭадаратә Маҵзура иатәу Аҳәаахьчаратә Усбарҭа анапхгаҩ ҿыц, аинрал-маиор  Сергеи Шьедрин, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аминистрцәа Реилазаара апресс-маҵзура.

Аиԥылара ихы алаирхәит Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин.

Алеқсандр Анқәаб Амаҵзура уаанӡатәи аиҳабы Андреи Кудимов иусуразы иҭабуп ҳәа иеиҳәеит, уи Аԥсны амчратә усбарҭақәа аус ахьрыциуаз ахәшьара ҳарак аиҭеит, аринахысгьы иусураҿы ақәҿиарақәа изеиӷьаишьеит.

 «Аԥсны амчратә усбарҭақәа аус  рыцура аиҿкаара аҿы Шәара хаҭала шәлагалеи аԥснытәи аҳәаахьчаҩцәа аус рыцурала Ареспублика Аԥсны аҳәанҭқарратә ҳәаақәа рыхьчаразы набыцра амамкәа инашәыгӡоз шәусуреи  ахә ҳаракны иаҳшьоит, иҭабуп ҳәагьы шәаҳҳәоит», – ҳәа иҳәеит Алеқсандр Анқәаб.

Аҳәаахьчаратә Усбарҭа анапхгаҩы ҿыц иахь ихы рханы, аԥыза-министр аԥсуа ган уаанӡа еиԥш уажәгьы урыстәылатәи аҳәаахьчаҩцәа иахәҭоу адгылара рыҭара иазыхиоуп ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.

«Ҳара Шәара шәзы есымша ҳаартуп аҳәынҭқарратә ҳәаа аицыхьчара азы аԥсны-урыстәылатәи аҳәынҭқаррабжьаратәи аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны иаҳзеиԥшу ахыдҵақәа рынагӡараҿы», – ҳәа иазгәеиҭеит атәыла аԥыза-министр. отметил премьер-министр.             Прочитано 169 раз. Последнее изменение 20.08.2024.

Алеқсандр Анқәаб, аԥсуа ган есымшеиԥш уажәгьы урыстәылатәи аҳәаахьчаҩцәа иахәҭоу адгылара рыҭара иазыхиоуп ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.

 


Read 211 times - Ахаша, 21 Нанҳәа 2024 09:54