Print this page
19.Нанҳәа.2024

Ҳазҭоу ашықәс нҵәаанӡа Аҟәантәи агәам-сам Шьашьикәара иҟоу агәамсамеизакырҭа ахь иргалоит.

Аҟәа. Нанҳәамза 19, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҟәа ақалақь Ахадара ақалақьтә нхамҩа Аусбарҭеи Гал Ахадара ақалақьтә нхамҩа Аусбарҭеи ҳазҭоу 2024 шықәса нҵәаанӡа Шьашьикәара иҟоу агәамсамеизакырҭа ахь агәамсам анагареи аус адулареи рзы Аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит.   Абри азы адырра ҟаиҵеит Аҟәа ақалақь Ахадара ақалақьтә нхамҩа Аусбарҭа адиректор Руслан Аҩӡба.

Уи иажәақәа рыла, ҳазҭоу ашықәс нҵәаанӡа Аҟәа ақалақь Ахадара Гәылрыԥшь араион Кыцикыҭ иргылоу икьакьоу абзазаратә црыҵқәа реизакырҭа ҿыц азы ихымԥадатәиу атехникақәа адгалара азԥхьагәанаҭоит. Уи ашьҭахь Аҟәантәи агәамсам Кыцикыҭ инаргалоит.

2019 шықәса раахыс Аҟәантәи агәамсам Шьашьикәара иҟоу агәамсамеизакырҭа ахь иргоит.  

Гал араион аҟны иҟоу агәамсамкаԥсарҭа амца шакыз еилкаахеит нанҳәа 18 рзы. Аҭыԥантәи ауааԥсыра ражәақәа рыла, уаҟа амца акуижьҭеи ҩымш ҵоит. Гал араион Шьашьикәара ақыҭан иҟоу агәамсамкаԥсарҭа 9 гектарк аҵанакуеит.

Уажәы Агәамеизакырҭаҿы амца арцәаразы Аҟәантәи Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра иназыцҵоу агәыԥқәеи иҷыдоу атехникеи адԥхьалоуп. Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра апресс-маҵзура аҿы иҟарҵо адыррақәа рыла амца арцәара алыршахоит амца ацралара аҭыԥқәа рҟынӡа анеира анзалыршахалак ашьҭахь.


Read 157 times - Аҩаша, 20 Нанҳәа 2024 23:29