Print this page
15.Нанҳәа.2024

Хатәгәаԥхарала еибашьуаз ргәаладыршәеит Гәдоуҭа ақалақь аҿы.

Аҟәа. Нанҳәамза 15, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа Аԥсны иазгәарҭоит Хатәгәаԥхарала еибашьуаз Рымш. Ари амш инамаданы агәалашәаратә усмҩаԥгатәқәа мҩаԥысуеит 1992 – 1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьраан Кавказ ашьхарыуа жәларқәа Рконфедерациа аштаб ахьыҟаз ақалақь-фырхаҵа Гәдоуҭа .  

Аԥсны ахақәиҭреи ахьыԥшымреи зхы ақәызҵаз хатәгәаԥхарауаа ҳаҭырла иргәаладыршәарц, урҭ рбаҟа амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵарц азы арахь иааит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа, Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа, атәыла Анапхгара алахәылацәа, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа ахаҭарнакцәа, Аԥсны иҟоу Аахыҵ Уаԥстәыла ацҳаражәҳәаҩ Олег Боциев, хатәгәаԥхарауаа, Аԥсны Арбџьармчқәа рыруаа, аибашьра аветеранцәа, иҭахаз аибашьцәа ранацәа, ауаажәларра рхаҭаранакцәа. 

 

 


Read 263 times