Print this page
13.Нанҳәа.2024

Аслан Бжьаниа апартиа «Амцахара» аҟынтәи имоу адгылареи агәрагареи ахә ҳаракны ишьоит.

Аҟәа. Нанҳәамза 13, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа аполитиатә партиа «Амцахара» ахаҭарнакцәа дырԥылеит.

Аиԥылараҿы ирылацәажеит Аԥсны аҩныҵҟа иҟоу аполитикатә ҭагылазаашьа иадҳәалоу актуалра злоу азҵаарақәа жәпакы, атәыла асоциал-економикатә ҿиара азҵаарақәа рзы доусы ргәаанагарақәа еибырҳәеит.

Аиԥылара аҿы Аслан Бжьаниа аполитикатә партиа «Амцахара» Аҳәынҭқарра Ахадеи атәыла анапхгареи инарыгӡо аполитика аганахьала  иаанарԥшуа адгылареи агәрагареи ахә ҳаракны ишьоит ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.


Read 352 times - Аҩаша, 13 Нанҳәа 2024 16:22