Агуманитартә еидара хаҭала дацны дцеит Аԥсны иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рминистр, Урыстәылатәи Афедерациа иҿыцу арегионқәа рымадара азы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада аҷыдалкаатә зинмчы змоу ихаҭарнак, аинрал-леитенант Лев Кәыҵниа.
Аҟәа. Нанҳәамза 13, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Донецктәии Лугансктәии Жәлартә Республикақәа руааԥсыра рзы жәа-тоннак агуманитартә еидара Аҟәантәи идәықәырҵеит.
Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра апресс-маҵзура иҟанаҵо адыррақәа рыла, аидара, аиҳарак афатә аалыҵқәа, иара убас апаҭлыкақәа ирҭаҭәоу аӡрыжәтәи рыла ишьақәгылоуп. Уи еиқәыршәан ҳџьынџьуаҩык ихатә ԥаратә хархәагақәа рыла.