Print this page
12.Нанҳәа.2024

Аҟазара адунеи еиқәнархоит: афилармониа аҿы имҩаԥысит аконцерт «Амузыкатә ԥсшьарамшқәа».

Аҟәа. Нанҳәамза 12, 2024 шықәса. Аԥсныпресс /Алеқсеи Шамба/. Аконцерт «Амузыкатә ԥсшьарамшқәа» мҩаԥысит Р.Гәымба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониа аҿы, амҽыша, нанҳәамза 11 рзы.  Аклассикатә музыка абзиабаҩцәа рҿаԥхьа иқәгылеит А. Чичба  ихьӡ зху Аҟәатәи амузыкатә ҵараиурҭа аушьҭымҭацәа Мари-Емилиа Терзиан-Ҳагба, Виачеслав Станкевич, Ева Постникова, Иарослав Бориаев, Лана Габуниа, Лана Адлеиба, Каиа Хупориа, Леон Барас, Размик Асланиан, Иарна Сымсым.

Аконцерт агәыҳалалратә ҟазшьа аман. Ирҳаз аԥаратә хархәагақәа зегьы афонд «Ашана» ахылаԥшра аҵаҟа иҟоу ахәыҷқәа рыхәышәтәразы идәықәҵахоит.

 

 


Read 301 times - Ашәахьа, 12 Нанҳәа 2024 19:38