Print this page
14.Цәыббра.2022

ЦӘЫББРАМЗА 15 ИНАРКНЫ 27-НӠА АҞӘА АҚАЛАҚЬ АҾЫ АНТИТЕРРОРИСТТӘ ҼАЗЫҞАҴАРАҚӘА МҨАԤЫСУЕИТ.

Аҟәа. Цәыббрамза 14, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура апресс-маҵзура иҟанаҵо адыррақәа рыла, цәыббрамза 15 -27 рзы Аҟәа ақалақь аҿы антитеррористтә ҽазыҟаҵарақәа мҩаԥгахоит.  Аҽызаҟаҵарақәа Аҟәатәи амшынтә баӷәазеи уи иаԥну аҵакыреи рҿы имҩаԥыслоит.

Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура  агәыҭҟьара цәырызго имцырку ажәабжьқәа ирзымӡырҩырц, аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи ааигәа иҟоу аҩнқәа рҿы инхо ауааԥсыреи агәҽанызаара аадырԥшларц азы аҳәара ҟарҵоит.


Read 437 times - Ахаша, 14 Цәыббра 2022 22:38