Аиԥылара лхы алалырхәит Башкириатәи аҳәынҭқарратә Университет аҟны иҟоу аспирантура аушьҭымҭа Инга Ҭаниа, уи ианлаамҭаз Ауфар Гареев инапхгарала акандидаттә дисертациа лыхьчахьан. Уажәы лара агеографиатә наукақәа ркандидат, ААУ агеографиа акафедра адоцент, Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз анаука аусзуҩ ҳәа даԥсаны ахьӡ лхуп. Ауфар Гареев ҳаамҭа иақәшәо Башкириатәи аҳәынҭқарратә Университет аметодикатәии атехнологиатәии абаза ала, апроектқәа реицынагӡарагьы уахь иналаҵаны, ззанааҭтә дырра ҳараку аспециалистцәа разыҟаҵара аҿы ацхыраара аҭара дшазхиоу иҳәеит. Аԥсни Башкириеи рҳәынҭқарратә Университетқәа аусецуразы аиқәшаҳаҭра ала ишьақәырӷәӷәоу, акыр шықәса раахыс аиҩызаратәии аимабзиаратәи аизыҟазаашьақәа рыбжьоуп. Убас, аусецуразы Аиқәшаҳаҭра аҳәаақәа ирҭагӡаны, Ауфар Гареев ААУ амагистрантцәа рзы алекциақәа дрыԥхьлоит. Аиԥылара иара убас рхы аладырх́әит атәыла аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба, жәларбжьаратәи аимадареи аекономикатә зҵаарақәеи рзы ААУ апроректор Максим Ӷәынџьиа, абиолого-географиатә факультет адекан Марина Гогәуа, жәларбжьаратәи аҟәша аиҳабы Анна Адлеиба, агеографиа акафедра анапхгаҩы Маииа Ҟаитамба, ААУ аректор ицхырааҩ Анжела Қаџьаа, ААУ аректор афинансқәа рзы ицхырааҩ Амра Қәаранӡиа.