Print this page
12.Цәыббра.2022

ИҶЫДОУ АҬАГЫЛАЗААШЬАҚӘА РЗЫ АМИНИСТРРА АУСЗУҨЦӘА АРТУР КИРКИНАӠЕ ИԤСЫБАҨ АԤСНЫҞА ИААРГЕИТ.

Аҟәа. Цәыббрамза 12, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра аусзуҩцәа цәыббрамза 8 рзы иҭахаз Артур Кьыркьынаӡе иԥсыбаҩ Донецкынтәи Аҟәаҟа аагара алдыршеит.  Артур Кьыркьынаӡе хатәгәаԥхаралатәи аҟәшеиҵақәа реилазаараҿы Донецктәи Жәлартә Республика ахьчаразы деибашьуан. Иҭахаз аибашьҩы иԥсыбаҩ Аԥсныҟа адәықәҵара аламҭалазы алахьеиқәҵаратә церемониеи иҭахаз аибашьҩы ихаԥхьареи мҩаԥысит, ҳәа иаанацҳауеит Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра апресс-маҵзура.

Артур Кьыркьынаӡе иҭынхеит х-ҩык ахшаара.

Хәажәкырамза 31 рзы Донбасс дҭахахьан Артур иаб иашьа иԥа Ахра Кьыркьынаӡе, уи деибашьуан аинтернационалтә бригада  «Пиатнашка».     


Read 556 times - Ашәахьа, 12 Цәыббра 2022 20:36