Print this page
03.Ԥхынгәы.2024

Рауль Хьибеи Алеқсандр Ҵнариеи «Ахьӡ-Аԥша» аорден ранашьоуп.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 3, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа «Ахьӡ-Аԥша» аорден II , III аҩаӡара ранашьара азы Аусԥҟақәа инапы рыҵаиҩит.  

Хьиба Рауль Тамшьыгә-иԥа ианашьоуп иреиҳау аҳәынҭқарратә ҳамҭа «Ахьӡ-Аԥша» аорден II аҩаӡара Аԥсны Аҳәынҭқарра ауаажәларра-политикатә ԥсҭазаара активла иҽалархәреи Очамчыра ақалақь аҿиара аус аҿы илагала дууи рзы.

1992-1993 шш. рзы Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан еиԥш аибашьрашьҭахьтәи аамҭазы илагаламҭа дууи, еиҵагыло абиԥара реиҵааӡара ауси рҿы ибаз аџьабааи рзы иреиҳау аҳәынҭқарратә ҳамҭа «Ахьӡ-Аԥша» аорден III аҩаӡара ианашьоуп Ҵнариа Алеқсандр Иван-иԥа.


Read 260 times - Аҩаша, 16 Ԥхынгәы 2024 12:16