Print this page
24.Рашәара.2024

Аԥсны ААР анаркотикқәа рхылаԥшреи реикәыршареи рзы Аусбарҭа аусзуҩцәа 8,5 кь. иреиҳаны анаркотикатә маҭәашьарқәа рпатиа рымхра мҩаԥыргеит.

Аҟәа. Рашәарамза 24, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны ААР анаркотикқәа рхылаԥшреи реикәыршареи рзы Аусбарҭа аусзуҩцәа ҩаԥхьа мҿхакы ҭбаала анаркотикатә маҭәашьарқәа рыларҵәара назыгӡоз дааныркылеит. Уажәазы анарктикқәа рхылаԥшреи реикәыршареи рзы Аусбарҭа аусзуҩцәа аларҵәара аканал аиҿкааҩ ихаҭа иаанкылара рылшеит. Уи Гәымсҭа аӡиас аԥшаҳәа иахьҵанакуа абнараҿы ицәыҵаҵәахны имаз зыкапан рацәоу анаркотикатә маҭәашьар идырбалеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.

Зқьи хәышә инареиҳаны анаҩс амаӡа-ҵәахырҭақәа рҿы ашьҭаҵарала аҭиразы ирхиаз аилаҳәарақәа рыԥшааит.

Атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аексперт-криминалисттә Центр аҿы уи  имхыз анаркотикатә маҭәашьарқәа рыҭҵаара аҭакқәа ҟарҵахьеит.  Уи акыр иџьбароу анаркотикатә маҭәашьар мефедрон ауп, иара акапан 8,5 кьыла иреиҳауп.

Иаанкылоу – Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаҩ, Санкт-Петербург ақалақь аҿы инхо иганахьала закәаншьаҭада анаркотикатә маҭәашьар хыԥхьаӡара рацәала аахәара, амҩангара, амазаара, аҭира азы ашьаус ахацыркразы азҵаара ықәгылоуп.


Read 355 times - Ашәахьа, 24 Рашәара 2024 19:29