Print this page
24.Рашәара.2024

Роберт Киут Даӷьсҭан иҟалаз атеракт инамаданы Владимир Колокольцев дидышшылеит.

Аҟәа. Рашәарамза 24, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут Урыстәылатәи Афедерациа аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Владимир Колокольцев рашәарамза 23 рзы Даӷьсҭан иҟалаз атеракт инамаданы дидышшылеит.

«Ҳара атәылауаа ршәарҭадареи аҭынчреи рыхьчара азы хацәнымырха зуалԥшьа назыгӡоз азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа рыԥсҭазаарақәа ҿахызҵәаз атеррористтә акт азы иҳауз ажәабжь хлымӡаах даараӡа ҳаргачамкит, гәалсра дула иҳадаҳкылеит.

Ари иуадаҩу аамҭа азы ҳара шәгәырҩеи шхьааи шәыцеиҩаҳшоит. Ҳколлегацәа рҭахара – ҳара зегьы ҳзы цәыӡ дуӡӡоуп. Дара ацәгьоуреи атерроризми рҿагылара зхы ақәызҵаз афырхацәаны наунагӡа ҳгәалашәараҿы иаанхоит.

Аҳәара ҟаҳҵоит иҭахаз рыуацәеи рҭынхацәеи рхьаа шрыцеиҩаҳшо азы адырра рышәҭарц. Урҭ иаадырԥшыз афырхаҵареи агәымшәареи ҳара зегьы ҳзы ҿырԥшыганы иҟалоит», – ҳәа иаҳәоит адышшыларатә шәҟәы аҿы.


Read 342 times - Ашәахьа, 24 Рашәара 2024 18:28