Print this page
24.Рашәара.2024

Аушьҭра-гәаҭаратә Ҭыԥ “Ԥсоу” аҿы аиҿахысра азы игәҩароу х-ҩык ауаа ааныркылеит.

Аҟәа. Рашәарамза 24, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра ашьаусԥшааратә ҟәша аусзуҩцәа рашәарамза 23 рзы Аҳазалхратә аушьҭра-гәаҭаратә Ҭыԥ  «Ԥсоу» аҿы аиҿахысра иалахәыз рыбыжьҩык рхаҭара шьақәдыргылеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.  

Иаанкылоуп хҩык ауаа, игәҩароу даҽаӡәы Урыстәыла даанкылан. Уи ишьақәыргылоу аԥҟарақәа рыла аԥсуа ган дрырҭеит.

Аоператив-ԥшааратә усмҩаԥгатәқәа ирыцҵахоит. 

 

 


Read 409 times - Ашәахьа, 24 Рашәара 2024 17:57