Print this page
09.Цәыббра.2022

ГӘДОУҬА АҚАЛАҚЬ АИҬАШЬАҚӘЫРГЫЛАРАТӘ УСУРАҚӘА РЫНАГӠАРААН ДҬАХЕИТ АБЖЬАРАТӘИ АЗИАНТӘИ ИААЗ АГАСТАРБАИТЕР.

Аҟәа. Цәыббрамза 9, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Гәдоуҭа ақалақь аҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рынагӡараан машәырла дҭахеит Абжьаратәи Азиантәи аусуразы иааз агастарбаитер.

Иҟоу адыррақәа рыла, ахаҵа звольҳараку афымцацәаҳәа аҽаԥшьра иҽшазишәоз аток исын аӡыргатә ԥырак дахаҳаит, ҳәа иаанацҳауеит Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра апресс-маҵзура.

Амашәыртә хҭыс ахьыҟалаз аҭыԥ ахь инеиз Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистра аусзуҩцәа иҭахаз иԥсыбаҩ автоҳар ала ибааганы Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа ахь инаргеит. 

 


Read 511 times - Ахәаша, 09 Цәыббра 2022 17:12