Аҳәынҭқарра Ахада хаҭала Мусса Дауров дидыруан. Урҭ еиибадырит Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьраан Аслан Бжьаниа имаҵуратә усқәа рынагӡаразы Черқьесск даныҟаз. Аслан Бжьаниеи Мусса Даурови аимабзиаратә еизыҟазаашьақәа рыбжьан аибашьра ашьҭахьтәи ашықәсқәа рызгьы. Мусса Дауров аибашьҩы гәымшәа апатриот иаша иакәын.