Print this page
12.Рашәара.2024

Рашәарамза 17 иусуратәым мшны ирылаҳәоуп.

Аҟәа. Рашәарамза 12, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Амҽыша, рашәарамза 16 рзы, аԥсылманцәа Қәырбан-Баирам ныҳәа азгәарҭоит. Ари амш Аԥсны ныҳәатә мшны иԥхьаӡоуп.

Иусуратәым аԥсшьарамши аныҳәамши ахьеиқәшәаз инамаданы, Аԥсны аминистрцәа Реилазаара Ақәҵарала, рашәарамза 16 (амҽыша) иақәшәо аԥсшьарамш уи иашьҭанеиуа аусуратә мшы, рашәарамза  17 (ашәахьа) ахь ииагахоит. Рашәарамза 17 иусуратәым ԥсшьарамшны ирылаҳәахоит.

 

 


Read 399 times - Аԥшьаша, 13 Рашәара 2024 16:39