Акоманда «ЦСКА» аԥшьбатәи азнеира ала раԥхьаӡа акәны Урыстәыла Иреиҳаӡоу Ахраҿа аиура рылшеит. Акоманда «ЦСКА» 2021 шықәса инаркны Урыстәыла Иреиҳаӡоу Ахраҿа аиуразы аматч афинал аҿы иаҵахон. Убас, аклуб ҩынтәны, 2021, 2022 шықәсқәа рзы ари атрофеи «Локомотив» иаҵахеит, 2023 шықәсазы имҩаԥысыз Урыстәыла Иреиҳаӡоу Ахраҿа аиуразы аматч аҿы акоманда «Зенит» иацыхәмаруан. Усҟан ахәмарра еиҭахарала, асчиот 1:1 ҳәа инҵәеит. Аха аматчшьҭахьтәи апенальтиқәа рсериа аҿы асчиот 5:4 ҳәа акоманда «Зенит» аиааит.