Print this page
05.Рашәара.2024

Аԥсни Ҭаҭарсҭани ашахматқәа Рфедерациақәа аусеицуразы аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит.

Аҟәа. Рашәарамза 5, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.   Аԥсны ашахматқәа Рфедерациеи арегионалтә уаажәларратә еиҿкаара  «Ареспублика Ҭаҭарсҭан ашахматқәа Рфедерациеи»  аусеицуразы еиқәшаҳаҭхеит. Аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит аҩ-федерациак рхадацәа Константин Ҭыжәбеи Рушана Сахбиевеи.

Аиқәшаҳаҭра анапаҵыҩра мҩаԥысит Казань ақалақь, 46-тәи Жәларбжьаратәи ашахматтә турнир «Рашид Нежметдинов Имемориал» («Мемориал Рашида Нежметдинова») аплошьадка аҿы. Аԥсны аганахьала анапаҵыҩра ацеремониа аҿы ихы алаирхәит Аԥсны ашахматқәа Рфедерациа апрезидент ицхырааҩ  Алмас Багаҭелиа.

Ахацәа рыбжьара аклассикатә шахматқәа рзы Урыстәыла Ахраҿа агара аетапны иҟоу ари атурнир ихы алаирхәуеит ашахматқәа рзы Аԥсны ачемпион, Аԥсны аспорт азҟазарахь акандидат Нестор Багаҭелиа.  

 

 


Read 212 times - Аԥшьаша, 06 Рашәара 2024 19:40