Print this page
05.Рашәара.2024

Новосибирск ахәаԥшцәа Аԥсны Аҳәынҭқарратә аурыс драматә театр даараӡа ибзианы ирыдыркылеит.

Аҟәа. Рашәарамза 5, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Новосибирсктәи академиатә аҿартә театр «Глобус» асцена иахьа иаднакылоит Аԥснытәи иааз асацәа. Ҳара ҳаурыс драматә театр ахәаԥшцәа иднарбахьеит арежиссиор Сергеи Ефремов иқәиргылаз аспектакль «Евгени Онегин». Уи иуникалу азнагара аҿы зегьы рышколтә шықәсқәа раахыс ирдыруа асиужет иҿыцу аԥшшәхәқәа, иџьашьаху аинтонациа  ахылоит.

Ф. А. Искандер ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә аурыс драматә театр Новосибирски Барнаули  ақалақьқәа рахь агастрольқәа рымҩаԥгара алыршахеит «Росконцерт» инанагӡо Урыстәылатәи Афедерациа акультура Аминистрра апрограмма «Агастроль дуқәа» иабзоураны.  

Адныҳәаларатә ажәахә ҟаҵо Новосибирсктәи аобласт акультура Аминистрра ахаҭарнак Иу. Иашкин ишазгәеиҭаз ала, новосибирсктәи ахәаԥшцәа рзы аспектакль «Евгени Онегин» – ахҭыс ду: уаҵәы иазгәарҭо, рашәарамза  6 рзы Алеқсандр Сергеи-иԥа Пушкин диижьҭеи  225 шықәса аҵра аламҭалазтәи ҳамҭоуп.

 

 

 


Read 250 times - Аԥшьаша, 06 Рашәара 2024 15:05