Print this page
29.Лаҵара.2024

Шьамтәылеи Аԥсни рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа шьақәгылеижьҭеи фышықәса ҵит.

Аҟәа. Лаҵарамза 29, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәеи Дамаски рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа шьақәгылеижьҭеи фышықәса ҵит. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра Шьамтәылаҟа адныҳәаларатә шәҟәы нанашьҭит Аҟәеи Дамаски рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа шьақәгылеижьҭеи фышықәса аҵра иазкны.

 

Адныҳәалараҟны иаҳәоит:

«Аԥсны Аҳәынҭқарра аҵак ду аманы иашьоит ҳтәылақәа рыжәларқәа реизҳазыӷьара ахьӡала Аԥсны Аҳәынҭқарреи Шьамтәылатәи Арабтә республикеи рҳәынҭқаррабжьаратә усеицура, уи ԥхьаҟагьы арӷәӷәара иазырхоу Шьамтәылатәи Арабтә республикеи иареи реизыҟазаашьа ҷыда» , -  ҳәа иапзгәаҭоуп» Аԥсны адәныҟатәи аусқәа иҟанаҵаз адныҳәаларатә цҳамҭа атекст аҿы. 

 

 


Read 234 times - Ашәахьа, 03 Рашәара 2024 02:47