Print this page
24.Лаҵара.2024

Аҟәа ақалақь амшын аҿықә агәам-сам аҟынтәи идрыцқьоит.

Аҟәа. Лаҵарамза 24,2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳҭнықалақь акоммуналтә муҵзурақәа русзуҩцәа амшын аҿықә агәам-сам аҟынтәи идрыцқьоит.

«Амшынеисра ашьҭахь агәам-сам ҷыдала ирацәаны аҟәара иқәнагалоит. Араҟа аҵла амахәқәа, ақыдқәа реиԥш иҟоу аԥсабаратә гәамсам еиԥш абзазаратә црыҵқәагьы маҷымкәа иҟоуп.   Аусура амҽхак дууп, напылагьы иҷыдоу атехника ахархәаралагьы аус аауеит», - ҳәа Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәржәо еиҭеиҳәеит аҳҭнықалақь амуниципалтә наплакы «Аақалақь аиқәыршәазаара» аиҳабы Саид Кәыр-иԥа.

Иара ареспублика аҿы официалла рашәарамза 1 азы иаатуа аӡҭаларатә сезон алагаанӡа агаҿа иаԥну аҵакырақәа ррыцқьара иадҳәалоу аусурақәа еиҳа лассы-лассы имҩаԥгахалоит ҳәа иазгәеиҭеит.  

 

 

 


Read 170 times - Амҽыша, 02 Рашәара 2024 21:16